Авторизация:

Аслан Бжьаниа Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәа дырҧылеит

Аслан Бжьаниа Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәа дырҧылеит
26 ноября 2020 18:51 1008
Апсадгьыл-инфо, 26 ноября 2020 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәа дырҧылеит, аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Саида Быҭәба. 

Аиҧылара аартуа, Ахада иҳәеит:

"Ҳаҭыр зқәу Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аҳәынҭқарратә ныҳәа. Ишәзеиҕьысшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара. Ибзианы ижәдыруеит иахьатәи аныҳәа зызку. 1994 шықәса абҵарамза 24 рзы ирыдыркылеит ҳҳәынҭқарра Азакәан хада. Абра дыҟоуп Аҧсны Аконституциа здызкылаз Апарламент алахәыла, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент иахьатәи аилазаара Аиҳабы Валери Кәарҷиа. Аҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны, уи аҿиараҿы Аконституциа ихадароу аҭыҧ аанакылоит. Шәара шәызлахәу аӡбарҭа аусура азкуп Аконституциа ахьчара, уи ақәныҟәарала аиламгара, ҳауаажәлар Аконституциа ирнаҭо рзинқәа рхылаҧшра. Иахьатәи ҳаиҧылара мҩаҧысуеит Аконституциа амш азгәаҭара аҽны. Сгәы иаанагоит, гәаартыла аицәажәаразы аҭагылазаашьа ҳауп ҳәа".

Аиҧылараҿы ирзааҭгылан Аконституциатә ӡбарҭа аусура иадҳәалоу азҵаарақәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа шьақәгылоуп хәҩык аӡбаҩцәа рыла: Нури Ҭаниа (ахантәаҩы), Лиудмила Хоџьашвили, Диана Ҧлиа, Рауль Пантиа, Алиса Бигәаа.

 

 


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений