Авторизация:

Алхас Кәыцниа: аоппозициаҿы аӡәгьы игәы иҭаӡам ақырҭқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа арҟәандара аганахьала аицәажәара

Алхас Кәыцниа: аоппозициаҿы аӡәгьы игәы иҭаӡам ақырҭқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа арҟәандара аганахьала аицәажәара
афото: "Аҧсны.иахьа"
18 января 2020 09:21 1550
Апсадгьыл-инфо, 18 января 2020 г.  

Аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа Аҧсуа телехәаҧшрала акомментари ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа ақырҭуа ган аҭынчратә еицәажәаразы мап шырцәиимкуа азы аинтервиу аҿы ииҳәаз иажәақәа Рауль Ҳаџьымба идгылоу ауаа рганахьала аҵәы алаҵаны иахьахцәажәо азы. 


«Ҳара ҳхьыҧшымра алацәажәаразы зҵаара ҳамаӡам. Уи иӡбоуп иҟаҵоуп, шьала икәабаны, идацны, уи азҵаара амҳәыр шьала иааарханы иҟоуп. Ари иқәымныҟәо ҧсыуак макьана дсыздырам. Уажәтәи амшқәа рыҩныҵҟа сара избоит, аблогерцәа еизыргоит ателехәаҧшраҿы, нас шьоукы ахцәажәарақәа ҟарҵоит, абри Аҧсны зегь реиҳа дара бзиа ирбошәа. Убри ҧхашьароуп аҧсуаа рзыҳәан», - иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Иара иҳәеит аоппозициа ахаҭарнакцәа рҟынтәи рыуаажәлар ирыцәӡаны Қырҭтәыла ахаҭарнакцәеи дареи аиҿцәажәара ҳәа акагьы шрымам.

«Ҳара ишаҳбо убри ауп, Қырҭтәыла иахьа аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵармыҩӡац. Ҳара 20 ш. раахыижьҭеи иаҳҭахуп уи рнапы аҵарҩырц. Убри анаҩсан, нас џьара зҵаарақәак цәырҵуазар, урҭ азҵаарақәа урылацәажәар ауеит ҳәа сгу иаанагоит. Ажәлар ирзымдыруа, политикк, ақырҭуа рхаҭарнакцәеи иареи иахьа Аҧсны ахьыҧшымра ҵызшәаауа акы алацәажәара - уи аҩыза агәаӷьра аӡәы ихшыҩ аҿы иааиуеит ҳәа сгу иаанагом. Ари ашьаҿа аҩныҵҟала дазымхәыцкәа, аҧсуа милаҭ ақырҭқәа рҟынтәи ирхыргахьо агәаҟра дуӡӡақәа аӡәы даӷрагылан, Аҧсны иаҧырхаго ҟаиҵап ҳәа сгәы иаанагаӡом. Сара зегьы агәра дсыргоит: аоппозициаҿы аӡәгьы игәы иҭаӡам ақырҭқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа арҟәандара аганахьала аицәажәара», - азгәеиҭеит Алхас Кәыҵниа.

Убри аан «Амцахара» аиҳабы иҳәеит аоппозициа ахаҭарнакцәа ргәы иалоу азҵаарқаәа ртәы.


«Иахьатәи ахҭысқәа ҳрыхәаҧшуазар, ҳара ҳгәы иалоуп иахьа ҳауаажәлар уахь ҽыхәшәтәра иахьцоу, абра иахәҭоу амедициантә цхыраара ахьҳазрымҭоу, ҳәгәы иалоуп ҳџьырмыкьақәа рҿы, ҳадәқьанқәа рҿы Қырҭтәылантәи иааго атауарқәа рыла иахьыҳәҳахәҭуа. Ҳара ҳгәы иалоуп ҳҿар рхаҭарнакцәа Баҭым аконцертқәа аныҟоу ахәаҧшразы ианцо. Убра ауаҭахқәа аазхәақәоугьы ыҟоуп, ицаны абанк аҿы акредитқәа згақәо аҧсуаагьы ыҟоуп. Убарҭ ирыхәаҧшыр, убарҭ русқәа ирықәыӡбар, аинтервиуқәа ирыхцәажәо, убри иаҳа еиӷьуп ҳәа сгәы ииааноит. Ауаа реилагара аҭахӡам, ара ҳаззымдыруа, еибазымдыруа ҳәа аӡәгьы ҳаҟаӡам. Ҳара ажәлар ргәаанагара, ажәлар ргәаҟра ҳахыҧаны џьара уск цәыҵагәаны алацәажәара анцәагьы иҳанаишьаӡом», - иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Иара иҳәеит ари зегьы зыхҟьо Аҧсны иахьанӡа иахагылаз ауаа шраку.

«Сара издыруеит уажәы уи здырҵәиуа. Аҧсны иахагылаз амчрақәа, дара ирыдгылақәаз рганахьала, иналх-ҩалхны ауаа еиздырцәажәоит.   Ари зегьы аполитика аҵоуп. Ари аҩыза аполитика гәам аҧсуа жәлар рылагалара шьҭа ҳаҟәыҵып, иазхазааит убри», - ҳәа азгәеиҭеит Алхас Кәыҵниа.







Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений