Авторизация:

Аҧсны даҭааит Адыгеиа ахада

Аҧсны даҭааит Адыгеиа ахада
21 июля 2018 20:36 2241
Аҧсадгьыл-инфо, 21 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо,  иул 21 2018 ш.   Иул 21  аҽны усутә визитла Аҧсны даҭааит Адыгеиа ахада Мурат Кумпилов. Иара дааит Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи а-7-тәи арратә база шәышықәса ахыҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа ихы рылаирхәырц.

Аҟәа Рауль Ҳаџьымбеи Мурат Кумпилови реиҧылара мҩаҧысит.

Акыр шәышықәса ирҭысхьоу аиашьаратә еиҩызара арӷәӷӷәара, уи арҿиара иадҳәалаз азҵаарақәа ирылацәажәан. Иазааҭгылеит аҵарадырреи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, аекономикеи, убас егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы аусеицура атәы ҳәа аанацҳауеит Адыгеи ахада иофициалтә саит.

«Аибашьра еилгеит, уашьҭа ҳара ҳажәлар рыҧсҭазаара еиӷәызтәыша даҽа ҧсҭазаарак шьақәҳаргылар ауп. Ҳаиҩызаратә  еиыҟазаашьақәа аекономикеи, акультуреи, агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи рҿы аныҧшра ҟарҵароуп. Ҳара аусеицуразы алшара бзиа ҳамоуп», – иҳәеит Аҧсны ахада аиҧылараҿы.

Мурат Кумпилов иазгәеиҭеит иара дызхагылоу аделегациа аусура амҩаҧгара ишазхиоу. Уи иалан Апарламент аиҳабы, аҧыза-министр, аминистрцәа.

«Адыгеиеи Аҧсни еидырҳәалоит аиҩызареи адоуҳатә маҳареи, атрадициақәеи. Ахырхарҭақәа зегь рыла ҳусеицура ҳреспубликақәа рыҿиара, аекономика ашьҭыҵра, ҳауаажәлар рыҧсҭазаара ашьҭыҵра иахәоит ҳәа исыҧхьаӡоит. Ҳара иҳамоу арезервқәа ҳхы иаҳархәароуп», – иҳәеит Адыгеиа ахада.

Аҧсны аибашьраан иҭахаз, Аҧсны аҭынчра алзыршоз иҭахаз аурыс аруаа, убас Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан иҭахаз рбаҟақәа рҿы Рауль Ҳаџьымбеи Мурат Кумпилови ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Аҧсни Адыгеиеи рхадацәа Аҟәа имаҧгаз Урыстәылатәи а-7-тәи арратә база шәышықәса ахыҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәит.

«Гәдоуҭа иҟоу а-7-тәи арратә базаҿ зуалҧшьа назыгӡо ари архәҭа знызыс амҩа иазгәдузар ауп. Иахьазы дара Урыстәылеи Аҧсни рҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчара патула имҩаҧыргоит», - иҳәеит Рауль Ҳаџьамба арратә база аиҳабацәеи ахатәы еилазаареи аныҳәа рыдныҳәало.

Адыгеиа аиҳабы иазгәеиҭеит а-7-тәи абаза – Урыстәыла арратә еиҿкаарақәа рхыҧхьаӡараҿ зегь реиҳа акы зхыҵуа архәҭаны ишыҟоу, аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы алагалагьы шдуу. Аибашьра ду аан а-9-тәи ашьхатә хысратә дивизиа захьӡыз ари архәҭа ауп Адыгеиа афашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭызтәыз. Аибашьра ашьҭахь абаза 50 ш. инарзынаҧшуа Маиҟәаҧ иҟан.

«Иахьа шәара амиссиа ду – Адыгеиа инхо ешьаҵас иззыҟоу Аҧсны атерриториаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи алыршара шәнапы иануп.  Араҟа аҭынчра зегьы иаҳҭахуп. Агәра згоит, шәара уи шшәылшоу», – иҳәеит Мурат Кумпилов.

Аҧсни Адыгеиеи реиҳабацәа аҭааит а-7-тәи арратә база Гәдоуҭа. Уаҟа иддырбеит Урыстәыла ар рхы иадырхәо иҿыцӡоу абџьар.

А-7-тәи арратә база Гәдоуҭа архәҭақәа ыҟоуп Гәдоуҭеи Очамчыреи. Ари архәҭа еиҿкаан иул  20 1918 ш. рзы, усҟан а-1-тәи Курсктәи архәҭа ахьӡын. Акыр зҵазкуаз аидысларақәа ирылахәын. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан Клухортәи ашьхахыҵраҿ еицырдыруа анемец дивизиа «Едельвеис» иаҿагылан. Аӷа уи ашьха дызхымҵӡеит. Архәҭа убас алагерқәа ирҭакыз ауаа рхы иақәиҭыртәуан.

2008 ш. рзы архәҭа Аҧсны иалагалан.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений