Авторизация:

Абесалом Кәарҷиа: «Ҳара ҳҿы анхаҩцәа коммерсантцәазаап. Ус акәзар, ачынуаа – рекетуп»

Абесалом Кәарҷиа: «Ҳара ҳҿы анхаҩцәа коммерсантцәазаап. Ус акәзар, ачынуаа – рекетуп»
фото: Sputnik Абхазия
5 августа 2018 14:48 2379
Аҧсадгьыл-инфо, 5 2018 ш.  

Ауаажәларратә палата алахәылацәа акоррупциа иаҿагылоу ООН Аконвенциа 20-тәи астатиа аратификациа азуразы рыбжьы рҭиит.

Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиа игәаанагарала, уи астатиа адкылара мацарала акоррупциа апроблема ӡбашьа амаӡам.

«Жәлар реизараҿы ирыдыркылоит абиуџьет. Уаҟа аминистр иуалафахәы 8 н. мааҭ ҳәа иарбоуп, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иааны аус зуа ракәзар - 20 н. роуеит. Убри ала ҳара акоррупциа азакәан шьаҭа аҳамҭаӡои? Ишҧашәҭаху абас еиҧш иҟоу аус аҿы акоррупциа аҿагылара? Статиак алагалара ала иауру акоррупциа аҿагылара?» - ҳәа дҵаауеит Кәарҷиа.

Аусдкылаҩ акоррупциатә система ыҟоуп ҳәа иҧхьаӡоит ааигәа аиҳабыра ирыдыркылаз, араса аҳәаа ианахырго ҿыц ашәахтәқәа иаларгалаз рҿгьы. Иул азы ирыӡбаз ақәҵарала, араса ацәа ишахо ииаугозар - 5 мааҭк ахушәаар ауп, ирыцқьаны акәзар – 10 мааҭк. Ноиабр мза 2017 ш. рзы ирыдыркылаз ақәҵара излаҳәоз ала, ирыцқьам араса Урыстәыла аҳәаа иахугозар мааҭк ушәон, ирыцқьоу азы – 2 мааҭк.

«Ҵыҧх, ноиабр 24 рзы аиҭакрақәа шаларгалаз ҳаҳаит февраль азы. Ҳара иҿыцу аҧҟарақәа ҟалеит ҳҳәан, аурыс партниорцәеи ҳареи аконтрактқәа ҳнапы рыҵаҳҩит. Нас, уажәы иаахьаҳәын, даҽа қәҵарак рыдыркылоит. Хәынтә, 500 процент ашәахтәқәа шьҭырхит аурыс ҳәааҿы, 33 процент иладырҟәит ақырҭуа ҳәааҿы ирыцқьоу араса анахуго, 50 процент иладырҟәит ирыцқьоу араса азы ашәахтәқәа. Ари акоррупциа азакәан ҧшра аҭара акәӡами иаанаго? Иарбан документқәоу атауар аҧсуа-ақырҭуа ҳәаа излахысуа? Иҟоума адекларациа, атранспорттә қьаадқәа, акрыҟоума иааидкыланы? Ари аус Аҧсны аекономика иахәоит ҳәа шәҳәарц аума ишәҭаху?» - дҵаауеит Ауаажәларратә палата алахәыла.

Амармалташь иахҟьаны зҽаҩра зцәыӡыз анхаҩцәа иахьрыцхраатәу акәымкәа, дара шьапҿаршәк рырҭоит ачынуаа, ҳәа дахәаҧшуеит ари аус Абесалом Кәарҷиа.

«Ҳара ираҳҳәоит сынтәа аҽаҩра ҟамлеит, анхацәа ҭагалара рымамызт ҳәа. Дара, урҭ ацхыраара рыҭара акәымкәа ахәқәа ирыцырҵоит. Ижәдыруоу исарҳәаз? Уи дара ркоммерциатә проблемақәа роуп. Ҳара ҳҿы анхаҩцәа коммерсантцәазаап. Ус акәзар, ачынуаа – рекетуп», - иҳәоит Абесалом Кәарҷиа.

Иултәи ақәҵара ашьҭахь иара аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу аексперттә ҟәша аусзуҩцәа дразҵааит, ирдыруама дара уи атәы ҳәа. Уаанӡа дара хышықәса иҟаз аҭагылазаашьа анҭырҵаа, уаанӡатәи ахәқәа Қырҭтәыла аекономика ишацхраауа, Урыстәыла аџьармыкьа акәзар, ишаҳцәыӡыз азы алкаа ҟарҵахьан.

«Ҳара уи ақәҵара атәы ҳаздырӡом. Абас аҭак ҟарҵеит. Ҳара иҳамазар, згәаанагара ҳамызҵаауа аструктура, убри аан аҧара рзаҳшәозар - ари коррупциаӡами? Ҳара акоррупциа аҧара анраҳҭо аамҭазы ауп ианаҳбо. Акоррупциа – ари системоуп. Асистема ахаҭа ауп иҧсахтәу», - иҳәеит Абесалом Кәарҷиа.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений