Авторизация:

Сентиабр 30 – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш

Сентиабр 30 – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш
12 июля 2018 16:53 2154
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Уажәшьҭарнахыс аибашьраан аиааира амш абас ахьӡхоит.

Аҧсадгьыл-инфо, иул 12 2018 ш. Абас рыӡбеит иахьа Жәлар реизара адепутатцәа. Уаанӡа ари амш Ахьыҧшымра амш ахьӡын.

Адепутатцәа убас ирыдыркылеит «1992-93 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы абираҟ азы» азакәан.

Сентиабр 30 1993 ш. рзы Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иахаргылаз абираҟ, Аииаира иасимволхеит. Ари абираҟ ҵәахуп Аҧсны Атәылахьчара аминистрраҿы.

«Аиааира абираҟ наунагӡа иҟоуп Атәылахьчара аминистрраҿы, иара ахархәашьа атәы Аҧсны ахада ишьақәиргылоит», - ҳәа аҳәоит азакәан аҿы.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений