Авторизация:

Иултәи ажәылара 25 ш. ахыҵит

Иултәи ажәылара 25 ш. ахыҵит
2 июля 2018 14:44 2953
Аҧсадгьыл-инфо, 2 2018 ш.  

Аҧсадгьыл-инфо, иул 2 2018 ш. Иул 2 1993 ш. рзы 300-ҩык злахәыз амшынтә десант Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Гәдоуҭантәи иааз адесанти Мрагылратәи афронт архәҭақәеи Аҟәа ақалақь ахь ацхырааразы ақырҭуа ирхәҭақәа рнеира алдмыршеит. Ари аиааира агара ааигәанатәуан.

Тамшь адесант рыӡхыҵра ақырҭқәа уахь дырҧшра алнаршеит, убри иалагӡаны аҧсуа ар егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы ажәыларақәа рымҩаҧгара рылшеит. Мрагыларатәи афронт аҿы Тҟәарчал ақалақь аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхеит. Аӷа уашьҭа уи ақалақь алахысра илшомызт. Ажәыларақәа ирыбзоураны аҧсуа ар ақыҭа Шрома, убас Цугуровкеи Аҳбҩыи иҟоу астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа рнапаҿы иааргеит.

Убри аан, аҧсуа архәҭақәа Аҟәа аганахьала ржәылара ааныркылар акәеит. Урыстәыла аҧшьгарала Шәача, ах-ганк алархәны, ақырҭуа ар Аҧсны алгаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аха Қырҭтәыла уи аиқәшаҳаҭра иқәымныҟәеит.

Иултәи ажәылараан иҭахеит 57–ҩык аҧсуа ар, 150-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Аҟәа азааигәара иҟоу астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа аҧсуа ар рнапаҿы иахьыҟалаз ибзоураны сентиабртәи ажәылараан Аҧсны аҳҭны-қалақь ахы ақәиҭтәра еиҳа мариахеит.


Афото Facebook агәыҧ «Говорит Абхазиа» аҟынтәи.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений