Авторизация:

Роскачество амандаринқәа гәанаҭоит

Роскачество амандаринқәа гәанаҭоит
29 ноября 2018 13:38 1482
Аҧсадгьыл-инфо, 29 2018 ш.  

Аҭҵаара иднарбоит амандарин асортқәа шеиҩдыраатәу, иарбан урҭ рахьынтә иаҳа ихаау, иарбан иаҳа агәаӷь змам, иабанӡашәарҭам китаитәи амандаринқәа, иара убас ари ашәыр ахьынӡахәарҭоу

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 29 2018 ш. Апроект ҷыда иалахәхоит Роскачество аспециалистцәа еиуеиҧшым аҭирҭақәа рҿы иаархәаз амандаринқәа.

Аҭҵаара иалахәхоит Перу, Алада Африка, Ҭырқәтәыла, Китаи, Урыстәыла, Марокко рҟынтәи амандарин ахкқәа.

«Зегь еицырдыруа аҧсуа мандаринқәа аҭирҭақәа рҿы декабр азы ауп ианнарго. Дара ноиабр азбжазы ауп ианыҟало, убри азы ноиабр азы дара аҭирҭақәа рҿы рыҟалара зҵаараны иаанхоит. Аха аекспертцәа аҧсуа мандаринқәа декабр азы игәарҭоит, уи алҵшәақәа ашықәс ҿыцазтәи апроект ҷыда иаларҵоит», - аҳәоит аиҿкаара асаит аҿы.

Амандаринқәа 250 хкы рыла агәаҭара иахысуеит – аиҳарак апестицидқәа рыҟазаара иахәаҧшуеит.

Аҭҵаара иалҵшәаны иҟаҵахоит амандаринатә «гид», аахәаҩцәа ирласны амандарин бзиақәа ралхра рылшаларц азы.

Аинформациа: Роскачество
Афото: abkhaz-project.ru

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений