Авторизация:

Ашьхааӡаҩ Вианор Кацәба: «Ара аполитика ыҟаӡам. Ҳара ҳџьабаа пату ақәырҵарц ҳҭахуп»

Ашьхааӡаҩ Вианор Кацәба: «Ара аполитика ыҟаӡам. Ҳара ҳџьабаа пату ақәырҵарц ҳҭахуп»
17 августа 2018 19:11 3598
Аҧсадгьыл-инфо, 17 2018 ш.  

Аҧсны Ахада иусбарҭаҿы еизеит ацха аахәаразы аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаз ахәқәа згәамҧхо гәыҧҩык ашьхааӡаҩцәа.

Аҧсадгьыл-инфо, август 17 2018 ш. Аҧсны Ахада иусбарҭаҿы еизеит шәҩык инарзынаҧшуа ашьхааӡаҩцәа Арасаӡыхь, Тхьына, Отаҧ, Ҷлоу, Баслахә, Ӷәада, Дранда, Маҷара, Лаҭа ақыҭақәа рҟынтәи. 

«Араҟа аполитика ыҟаӡам. Ҳара ҳџьабаа пату ақәырҵарц ҳҭахуп. Ахьа злоу ацха ус имариаӡам аҧшра. Ахьа ахаҭагьы иаҳа-иаҳа имаҷхоит. Сынтәа ибзиан иҟалеит ацха. Ҳара иҳарҳәеит аҳәынҭқарра кьылак ацха азы 240 мааҭ роуп иршәарц иақәырҵаз ҳәа. Ари иаанаго, ҳара ҳџьабаа ахә рымшьеит ауп. Ҳара уи ахә ҳақәшаҳаҭым, иаҳҭахуп 300 мааҭ кьылак ацхазы», - иҳәоит Баслахә ақыҭан инхо ашьхааӡаҩ Вианор Кацәба.

Иара иҳәеит ашьха зааӡо аиҳараҩык рышьхақәа ауаа ахьнымхо ашьхаҿы иқәыргыланы ишрымоу. Уахь ирлас-ырласны ицалатәуп, амшәқәа иҧхасҭарымтәырц азы.

Вианор Кацәба иажәақәа рыла, иахьазы ашьхаааӡаҩцәа 500 тонна еиҵамкәа ацха рымоуп. Ҩышықәсоуп дара ироуа ацха рзымҭиуеижьҭеи. Уаанӡа, Урыстәылантәи иааны ацха ргон, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа урҭ аара иаҟәыҵит, дара апроблемақәа рызцәырыргоит ҳәа ргәы ианагоит аҧсуа ашьхааӡаҩцәа.

Дара изларҳәо ала, 2-3 шықәса раҧхьа дара ацха зҭоу афлиага 17-18 нызқь мааҭ ҳәа ирҭиуан, уажәазы 15 нызқь роурц ауп ирҭаху, аҳәынҭқарра акәзар ,12 нызқь роуп ирыдыргало.

Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аҧхьа еизаз ашьхааӡаҩцәа идикылеит ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Дауров.

Ашьхааӡаҩцәа уи аиҧылара алҵшәа амамызт ҳәа азгәарҭеит.

«Аҧсадгьыл-инфо» иаиҭаз ахҳәааҿы Владимир Дауров аминистрраҿы дара рхатәы ҧхьаӡарақәа шымҩаҧыргаз атәы иҳәеит. Урыстәылеи Аҧсни ацха ахә зеиҧшроу гәаҭаны, кьылак 240 мааҭ ҳәа иҳадаҳкылоит ҳәа ишьақәдыргылеит.

«Ҳара иаарласны Кындыӷ аусура иалаго ацха ахьрыдыркыло азауад аҿы ахәқәа шьақәҳаргылеит. Ахьа злоу ацха ахә ус иҟоуп. Ашьха зааӡо уи ахә ргәамҧхеит, иҵегьы еиҳаны ироурц рҭахуп. Абри азҵаара иахьагьы ҳалацәажәон», - иҳәеит Владимир Дауров.

Убри аан иара ӡәыр ацха ахә ҳаракны иахьиҭиуа изыҧшаар, аҳәынҭқарра аҟынтәи аҧынгыла иауам ҳәа азгәеиҭеит.

«Ари азауад ауааҧсыра ирымоу ацха ахьнарго роурц азы ауп изҳаргылаз. Ашьхааӡаҩцәа рыцха иаҳа ахә ҳаракны иахьрыдыркыло рдыруазар, мап зҳәода, иаларҵааит. Аӡәгьы имҳәаӡеит урҭ хымҧада рыцха азауад ахь инаргар ауп ҳәа», - азгәеиҭеит Владимир Дауров.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений