Авторизация:

Ҭырқәтәыла аҧсшьара ахә 30-50 % иацлар алшоит

Ҭырқәтәыла аҧсшьара ахә 30-50 % иацлар алшоит
12 ноября 2018 13:31 1581
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

Сынтәа жәымзы ирылагӡаны ҭырқәтәылатәи акурортқәа рҟны рыҧсы ршьеит 5.12 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 12 2018 ш. Ҭырқәтәылатәи аҧсшьарҭатә ҩнқәа рхаҭарнакцәа Урыстәылатәи атуроператорцәа ирзаарыцҳаит 2019 ш. рзы рыхәқәа бжьаратәла 30 процент ишеиҳахоу азы. Абри атәы агазеҭ «Ведомости» ахь адырра ҟалҵеит Урыстәылатәи атуроператорцәа рассоциациа адиректор Маиа Ломиӡе.

Атуристтә компаниа «Солвекс» адиректор хада Димитри Цоневгьы ахәқәа 30-50% рҟынӡа ишьҭыҵуеит ҳәа игәы иаанагоит. Иара Урыстәыла ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла аҭыҧан Аҧсны, Болгариа, Краснодартәи атәылаҿацә рыҧсы ршьаларц рабжьигоит.

«Ҵыҧх ҭырқәтәылатәи алира ахә ахькаҳаз иахҟьаны аҧсшьарҭақәа рҿы рыхәқәа маҷын. Уи, хымҧада, аҧсшьарҭатә ҩнқәа рхаҭарнакцәеи атурператорцәеи ирҧырхагахеит. Иааиуа ашықәс азы ахәқәа рыҧсахуеит, избанзар, ҩышықәса ахарџь уоуа аус узуӡом», - иҳәоит Димитри Цонев. Убри атәы аанацҳауеит u-news24.com.

Сынтәа жәымзы ирылагӡаны ҭырқәтәылатәи акурортқәа рҿы рыҧсы ршьеит 5.12 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа, уи ҵыҧх зыҧсы зшьаз раасҭа 24% рыла еиҳауп.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений