Авторизация:

Урыстәылантәи Аҧсныҟа афинанстә цхыраара аҳасабала 44,6 млрд мааҭ аахьеит

Урыстәылантәи Аҧсныҟа афинанстә цхыраара аҳасабала 44,6 млрд мааҭ аахьеит
фото: сайт КМ РА
12 октября 2018 16:40 2498
Аҧсадгьыл-инфо, 12 2018 ш.  

9 шықәса ирылагӡаны (2009 инаркны 2017 шықәсанӡа) Урыстәыла Аҧсныҟа иаанашьҭхьеит 44,6 млрд мааҭ.

«Урыстәыла аҭагылазаашьа шымариамгьы, ахатәы економика ашьҭыхра шаҭахугьы, асанкциақәа шыҟоугьы, Аҧсны ацхыраара ианаҭо иацнаҵоит. 2016 ш. рзы уи иартәеит 5,8 млрд мааҭ, 2017 ш. рзы – 6,9 млрд мааҭ, 2018 ш. рзы Урыстәылатәи абиуџьет аҿы Аҧсны азы иарбоуп 8,6 млрд мааҭ. Ҵыҧх Урыстәылатәи ацхыраара Аҧсны абиуџьет аҿы 64 процент артәеит», - иҳәеит Аҩада Кавказ азы Урыстәыла аминистр ихаҭыҧуаҩ Игор Кошин Аҧсуа-аурыс аусутә форум аҿы иқәгылараан.

Аҧсны асоциал-економикатә ҭышәынтәаларахь аиасразы, иҭышәынтәалоу аекономикатә система аргыларазы иаҭахуп азакәанқәа рырҽеира, аинвестициатә климат аиӷьтәра, ацәгьаурақәа раанкылара», - азгәеиҭеит аминистр ихаҭыҧуаҩ.

Игор Кошин аҧуса-аурыс еизыҟазаашьақәа дырзааҭгылеит.


«Асоциалтә сфера – иӷәӷәоу аҳәынҭқарра базас иамоуп. Урыстәылантәи иаауа аҧара апенсиақәа рызшәара, абиуџьет аҿы аус зуа руалафаху, убас егьырҭ асоциалтә ҭахрақәа рахь идәықәырҵоит. Ари ацхыраара иабзоураны 2018 ш. рзы, 2014 ш. иаҿурҧшуазар, 45 процент рыла еиҳахеит абиуџьет аҿы аус зуа руалафахәы. Сынтәа Аҧсны инхо Урыстәылатәи амедицинатә полис рыҭаразы аусура хацыркуп», - иҳәеит Кошин.

Иара иҳәеит аҧсуа-аурыс усеицура иалҵшәаны Аҧснытәи амедицинатә усбарҭақәа ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә техникала реиқәыршәара ишаҿу.

Аминистр ихаҭыҧуаҩ убас дазааҭгылеит 2016, 2017 шш. рзы Аҧсны иҟаз афымца адефицит аркразы 770 мааҭ шаашьҭыз.

Еиуеиҧшым апроектқәа ралыршаразы акредитқәа рыҭарала Урыстәыла Аҧсны аекономика иацхраауеит.


«Абжьаратәи абизнес дуи альготатә кредитқәа рыҭара апрограмма нарыгӡоит еицынаргыӡлит «Аинвестициатә агентреи» Урыстәылатәи абанкқәа Внешекономбанк, Россельхозбанк, ВТБ. Аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩныҵҟа дара 8-проектк адгылара арҭеит, уи иартәеит миллиард мааҭ. Дара иарбан проектқәоу? Ауҭраҭыхи ашәыри рааӡаразы анаплакы, акәац аусадуларатә зауад, асасааирҭатә комплексқәа. Арҭ апроектқәа рлыҵшәа ацифрақәа иудырбоит. Дара ирыбзоураны 400 аусутә ҭыҧқәа аатит, шықәсык 150 млн мааҭ абиуџьеи иаланагалоит», - иҳәеит Кошин.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений