Авторизация:

Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит 786 млн мааҭ ҟалеит, ареспубликатә – 749 мааҭ

Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит 786 млн мааҭ ҟалеит, ареспубликатә – 749 мааҭ
8 ноября 2018 20:40 1545
Аҧсадгьыл-инфо, 8 2018 ш.  

Ноиабр 8 рзы адепутатцәа «2018 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 8 2018 ш. Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит 2018 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет шыҧсаххо аныхрақәеи адефицити рганахьала, аанацҳауеит «Абхазиа-Информ».

«2018 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәала иартәоит 9 501 746,4 нықь мааҭ, аныхразы - 10 394 078,6 нықь мааҭ. Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит иартәоит 892 332,2 нызқь мааҭ, урҭ рахьынтә 850 307,6 нызқь Ареспубликатә биуџьет адефицит ауп, 32 052,6 нызқь мааҭ Аҟәа араион абиуџьет адефицит ауп, 8 000,0 нызқь мааҭ – Гәылрыҧшь араион абиуџьет адефицит, 1 972,0 нызқь мааҭ – Галтәи араион абиуџьет адефицит», - азгәеиҭеит Нанба.

Декабр 29 2017 ш. рзы Аҳәынҭқарра ахада инапы зҵаиҩыз «2018 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет» азакәан аҿы иарбан Аҳәынҭқарратә биуџьет 106 196,9 нызқь мааҭ адефицит шыҟаз, Ареспубликатә биуџьет адефицит - 100 827, 9 нызқь мааҭ. Убри ала, аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит 786,14 млн мааҭ рыла иазҳаит, ареспубликатә - 749,48 млн мааҭ рыла.

749,48 млн мааҭ аркхоит Урыстәыла Аҧсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраарала еиҭаҵуа аҧарақәа рыла.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений