Аҧсадгьыл-инфо, 16 2018 ш.
2013-2018 шықәсқәа рзы Урыстәыла аекономика 952 миллиард мааҭ аланагалеит
Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 16 2018 ш. 2013-2018 шш. рзы ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҽазыҟаҵареи амҩаҧгареи раан Урыстәылатәи аекономика алҵшәақәа еиӷьхеит, аҳәоит ачемпионат амҩаҧгаразы аиҿкааратә комитет иҟанаҵаз аҭҵаараҿы, аанацҳауеит РИА Новости.
Адркумент излаҳәо ала, ачемпионат амҩаҧгара Урыстәыла 688 миллиард мааҭ иазтәеит.
Адунеи ачемпионат иабзоураны ауааҧсыра рхашәалаху иазҳаит, еиҿкаан 315 нызқь усуратә ҭыҧ, ашәахтәқәа реизҳара 164 млрд артәеит, 797 млрд мааҭ роуит имаҷуи, абжьаратәи бизнес знапы алаку.