Авторизация:

Валери Бганба атеатр ахаҭарнакцәа дырҧылеит

Валери Бганба атеатр ахаҭарнакцәа дырҧылеит
11 октября 2018 14:32 2296
Аҧсадгьыл-инфо, 11 2018 ш.  

Аҳәынҭқарратә аҧсуа драматә театри Аҳәынҭқарратә аҿартә театри русеицура иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит аҧыза-министр.

Аҧсадгьыл-инфо, октиабр 11 2018 ш. Аиҧыларахь ааҧхьара рыман Аҧсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба, РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба, аҿар ртеатр адиректор хада Аслан Еныкь, аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәымаа.

Аиҧылараҿы аҩ-театрк русеицура ҳәаақәызҵаша аиқәшаҳаҭра апроект иалацәажәеит, аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

«Еиқәшаҳаҭрада аусура аилибамкаарақәа цәырнаго иалагеит. Атеатр аиҳабыра аиқәшаҳаҭра апроект аздырхиеит, уаҟа иарбоуп адекорациақәа, акостиумқәа рыҵәахышьа азҵаарақәа, арепетициақәеи ақәыргыларақәеи анымҩаҧысуа аамҭа. Аха аҩбатәи аган ари апроект апунктқәак ргәамҧхеит», - лҳәеит акультура аминистр Ельвира Арсалиа.

Нодар Ҷанба аҧыза-министр изеиҭеиҳәеит атеатр апланқәа ртәы, иазгәеиҭеит аспектакльқәа ахьырацәахази, ахәыҷтәы студиа аусура иахьалагази рзы атеатри атруппеи русура ишацлаз.

«Атеатр акультуратә центрны аҟалара ауп сара хықәкыс исымоу. Уи анаҩсгьы сара исуалҧшьаны исыҧхьаӡоит аҿар рыцхраара – Аҳәынҭқарратә аҿартә театр. Исҭахуп ҩ-театрк ҭыҧк аҿы рыҟазаара азакәан ашьаҭа амазарц»,- иҳәеит Нодар Ҷанба.

Валери Бганба иҳәеит аҩ-ганкгьы иаарласны аиқәшаҳаҭра иалацәажәарц, анапаҵаҩра иаздырхиарц.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений