Авторизация:

Руслан Бебиа 55 шықәса ихыҵра идырныҳәалеит Акультура аминистрра аҟны

Руслан Бебиа 55 шықәса ихыҵра идырныҳәалеит Акультура аминистрра аҟны
афото: Акультура аминистрра
25 июня 2020 23:55 2501
Апсадгьыл-инфо, 25 июня 2020 г.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба иирамш идиныҳәалеит Леон и-Орден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада, Аԥсны жәлар рартист, Чечентәи Ареспубликеи Адыгеиатәи Ареспубликеи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист Руслан Едуард-иԥа Бебиа.

«Шәара шәыԥсҭазаара зегьы асцена иазышәкит. Имаҷуп Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аҟазара иадҳәалоу аҭаацәаратә биԥара аԥҵара зылшаз. Ҳтәылаҟны Бебиаа рабиԥара иалҵыз ахореографцәа ззымдыруа дыҟаӡам.

Иахьа уажәраанӡа аҟазара абзиабаҩцәа ирхамышҭуа мышны иаанхеит ҿыц иаԥҵаз ансамбль «Шьараҭын» аԥсуа сценахь ацәырҵра. Усҟан уи хҭыс дуун аԥсуа культуразы. Ансамбль ашьаҭаркҩы – Аԥсны зегь еицырдыруа Аҟаза ду, раԥхьатәи ахореограф-апрофессионал, Аԥсны жәлар рартист Едуард Бебиа илшеит аԥсуа хореографиа апрофессионалтә ҳаракырахь ахагалара.

Иахьагьы шәара шәаб зышьаҭа икыз аус ишахәҭоу еиԥш аихаҳареи анагӡареи шәылшеит. Шәызхагылоу ансамбль иамоуп ахатәы традициақәа, егьырҭ ансамбльқәа изларылукааша аҟазшьақәа. 50 шықәса ирылагӡаны аҽарҭбааит ансамбль арепертуар, иара убас агастрольқәа ргеографиа, шәрылахәын хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи афестивальқәа. Шәџьабаа иабзоураны иахьагьы ансамбль аихьӡара бзиақәа аанарԥшуеит. Иазгәаҳамҭарц залшом шәара иқәшәыргылаз акәашарақәа – «Аԥсуа аамсҭацәа рыкәашара», «Хәаԥаа рыкәашара», «Акәымжәыуаа рыкәашара».

Шәылшарақәа зегь азгәаҭо, иахьа шәара Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы шәыхҵоуп. Агәра ҳгоит, ҩаԥхьагьы аихьӡара бзиақәа аашәырԥшып ҳәа», - азгәаҭоуп аминистр идныҳәалараҿы.

Гәдиса Агрба Руслан Бебиа изеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара дуқәа, ашықәсынҵыра рацәа, аҟазарахь имоу абзиабара наунагӡа иҿымцәаарц.





Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений