Авторизация:

Платон Бебиа ихҵоуп Аҧсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы

Платон Бебиа ихҵоуп Аҧсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы
5 октября 2020 17:31 582
Апсадгьыл-инфо, 5 октября 2020 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала, баҩхатәра дула ирҿиаратә усуреи, зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аҩымҭақәа раҧҵареи рзы Платон Хәамҧа-иҧа Бебиа ихҵоуп Аҧсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит иахьа 85 шықәса зхыҵыз иналукааша аҧсуа шәҟәҩҩы Платон Бебиа.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Платон Хәамҧа-иҧа,

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 85 шықәса шәхыҵра! Шәара шәыруаӡәкыуп зырҿиарала аҧсуа литература аҩаӡара шьҭызхыз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа. Шәара ишәымоуп иҷыдоу шәхатә ажәа, уи ҵаулоуп, иҵаруп, аӡәы илаҩашьом шәсатира. Шәкалам иҵыҵыз ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа еиҭагоуп бызшәа рацәала, урҭ иӡырыргоит ҳаҧсадгьыл, ҳажәлар рҭоурых, рыбзазара. Шәырҿиараҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит ахәыҷтәы литература. Аҧхьаҩцәа ахә ҳаракны иршьоит аҧсышәала ишәырцәажәаз адунеитә классикцәа раҧҵамҭақәа.

Шәџьабаа рыдуп ажурналқәа “Амцабз”, “Алашара” , иара убас акыр шықәса напхгара зышәҭоз Аҳәынҭқарратә шәыҟәҭыжьырҭа. Аҧсуа литаратураҿы шәлагалазы ишәанашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә премиа, “Ахьӡ-Аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Акыр иаҧсоу Платон Хәымҧа-иҧа, шәиубилеи аҽны ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа, шәырҿиараҿы аихьӡара ҿыцқәа.

Ҳаҭырла, Аслан Бжьаниа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений