Авторизация:

«Орфеи» даиааит Викториа Миқаиа

«Орфеи» даиааит Викториа Миқаиа
21 июня 2019 20:48 868
Апсадгьыл-инфо, 21 июня 2019 г.  

Иун 20 рзы Очамчыра ихырқәшахеит ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа рвокалтә конкурс «Орфеи». Ари аконкурс хацыркын иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы, хықәкыс иаман аҿар рыбжьара аҟыбаҩ злоу ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа ралҧшаареи урҭ асценахь рцәыргареи. Ас еиҧш аконкурс амҩаҧгара ахшыҩҵак аҧшьылгеит урыстәылатәи ателеканал НТВ аҿы ицоз аконкурс «Ты супер» аҿы актәи аҭыҧ аанызкылаз, ашәаҳәаҩ қәыҧш Валериа Адлеиба. Аусмҩаҧгатә адгылара арҭеит Очамчыра араион анапхгареи, амобилтә еимадара Аҟәафони.


Аконкурс аиҿкаара иацыз ауадаҩрақәа маҷмызт. Раҧхьа иргыланы зҽалазырхәуаз ҧшаатәын, уи азы араион ашколқәа рҿы аҿар рзыӡырҩра мҩаҧган. Аиҳаракгьы гәцаракра рыҭан ақыҭаҿы инхо ашколхәыҷқәа, избан акәзар урҭ алшара рымаӡам амузыка аҽазыҟаҵара. Иаадкыланы ирзыӡарҩын шәҩык инарзынаҧшуаашколхәыҷқәа, урҭ рахьынтә иалкаан 35-ҩык, аха аҵыхәтәантәи азыӡырыҩра аан иаанрыжьыз 15-ҩык роуп.
 

Акраамҭатәи аҽазыҟаҵарақәеи, иакымкәа-иҩбамкәа имҩаҧгаз аконцертқәеи рнаҩс имҩаҧган аҵыхәтәантәи аихшьаалатә концерт. Аӡбаҩцәа рыбжьара дыҟан Урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Мариам Мерабова. Лара иазгәалҭеит араҟа илбаз агәахәара ду шылнаҭаз, аҿар даара аҟазара иазааигәоуп, абжьы бзиа рхоуп ҳәа шылыҧхьаӡо.

Аконкурс «Орфеи» аҳамҭа хада - Агран-при ланашьахеит Викториа Миқаиа. Егьырҭ афинал алахәылацәа иранашьан еиуеиҧшым аҳамҭақәа.


Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений