Авторизация:

Мушьни Лашәриа ииубилеи азгәарҭеит Очамчыра

Мушьни Лашәриа ииубилеи азгәарҭеит Очамчыра
17 января 2019 21:55 775
Апсадгьыл-инфо, 17 января 2019 г.  

Аҧсны Жәлар рпоет, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа 80 шықәса ихыҵра азгәарҭеит иахьа Очамчыра. Ашәҟәыҩҩы иубилеитә рыцхә аныҟаз ҵыҧх акәын, аха уи азгәаҭара ииган 2019 шықәса рахь. Ихарҭәаау арыцхә идырныҳәаларц араион акультуратә хан ахь инеит арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа, аҵаруаа, араион анапхагара, аиубилиар иуацәеи иҩызцәеи.

Иқәгылоз иазгәарҭон аҧсуа литература аҿиара аҿы Мушьни Таиа-иҧа илагала ду атәы. Ирҳәон уи еиҭагаҩык иаҳасаб ала атәым бызшәақәа рҟынтә аҧсшәахь еиҭеигаз аҩымҭақәа ҳбызшәа шдырбеиаз, алитература акәзар ишхадырҭәааз.

Апоет, апублицист, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩы, акритик, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Д. Гәлыиа ипремиа алауреат, Аҧсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Мушьниа Лашәриа ихьӡ аҳәаанырцәгьы ибзианы ирдыруеит.

Икалам иҵыҵхьеит аурысшәа аҟынтәи аҧсшәахь еиҭагоу адунеитә литература ашедеврқәа. Урҭ рыбжьара А. Пушкин иҩымҭа «Евгени Онегин», М. Леормонтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон», Шь. Русҭавели ипоема «Абжьас цәа зшәу», Џь. Баирон иаҧҵамҭа «Шильонски узник».

Мушьни Таиа-иҧа иоуп аҧсшәахь еиҭазгаз «Аҿатә Уасиаҭ» (Новый Завет).

Аҧсни Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа рырӷәӷәареи, реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рҿы илагала ду азы 2010 ш. рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев иусҧҟала Мушьни Лашәриа ианашьан Александр Пушкин ихьӡ зху амедал.

Аҧсны жәлар рпоет раҧхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга ҭыҵит 1963 шықәса рзы. Уи аахыижьҭеи автор инапы иҵыҵхьеит жәабала аизгақәа, дравторуп ҩажәа шәҟәы. Иара убасгьы Мушьни Лашәриа иоуп еиқәзыршәаз ҩ-томкны иҟоу Аҧсуа поезиа антологиа. Ҳмилаҭтә литература ахьтәы фонд иазынхо аҩымҭақәа ирылоуп иажәеинрааланы иҩу ироман «Аџьынџь».

Даҽакы иаламҩашьо иара иажәеиҿартәышьа мариеи, ицәаҳәақәа ирыҵоу ахшыҩҵак ӷәӷәеи ирыбзоураны апоет илирикатә рҿиамҭақәа аҧхьаҩцәа рҟынтә ҧсра зқәым абзиабара дырҳахьеит. Дара алагалоуп арҵаратә процесс. Мушьни Лашәриа алирикаҿы еиҧш апублицистика ахырхарҭаҿгьы еихьӡарақәа рацәаӡоуп.

Мушьни Таиа-иҧа Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ажәеизатәи ааҧхьара адепутатс дыҟан. Иара далахәын «Аҧсны Аҳәынҭқарратә суверинитет» адкыларазы адекларациа анапы аҵаҩра.

Асовет Еидгыла аамҭақәа раангьы апоет иџьабаа ахә ҳаракны иршьахьан, ианаршьахьан аҳаҭыртә дырга. Аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҿиараҿы иџьабааи илагалеи ҳасаб рзуны Мушьни Лашәриа ианаршьахьеит иакымкәа-иҩбамкәа иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Иара дреиуоп зхыҧхьаӡара зынӡа имаҷу, "Ахьӡ-аҧша" аорден аҩаӡарақәа ахҧагьы змоу ауаа.

Ахәылҧаз хырқәшо Жәлар рпоет иҭабуп иҳәеит ирҭаз агәцаракразы. Иазгәеиҭеит, ҳәарада, 80 шықәра шмаҷым, анаҩс длафуа инациҵеит аҧсуа хаҵа изы уи уамак идуум ҳәа ишииҧхьаӡо.

Аиубилиар ҳамҭас ирҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа, аҳәеи аҟамеи.

Мушьни Таиа-иҧа Лашәриа диит ианар 16 1938 шықәса рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений