Авторизация:

Аҿар ртеатр ауаа еизыргоит

Аҿар ртеатр ауаа еизыргоит
15 ноября 2018 22:06 2366
Аҧсадгьыл-инфо, 15 2018 ш.  

Аҿар ртеатр Феисбук адаҟьаҿы ауаа адгылара рырҭрац азы ааҧхьара ҟарҵеит

Аҧсадгьыл-инфо, ноиабр 16 2018 ш. Мызкы аҧхьа Аҧсуа драматә театр афиша иҭрыжьыз аҿы иарбан ноиабр 15 рзы аспектакль «Шьапыла» шыддырбо азы. Иацы аҿар ртеатр алаҳәара ҟарҵеит даргьы ноиабр 15 рзы аспектакль «Амцҳәаҩ даҭахуп» аҿы ахәаҧшцәа ишырзыҧшу.

Иахьа абас еиҧш иҟоу анҵамҭа ҟарҵеит аҿар ртеатр адаҟьаҿы:

«Уаҵәы, 12 сааҭ рзы Аҧсуа драмтеатр аҿы аҿар ртеатр алахьынҵа иазҿлымҳау зегьы ҳашәзыҧшуп. Ааҧхьара ҟаҳҵоит Абыргцәа рхеилак, аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, аҿар, ҳахәаҧшцәа шәахь. Ҳаилшәырга! Шәҳадгыл!»

Аҿар ртеатр ахаҭарнакцәа излаарыцҳуауаз ала, ашьыжь инаркны амчратә усбарҭақәа атеатр ахь инеихьан, дара ахыбра иҩнарыжьлаӡомызт.

Убри аамҭазы иахьа иҟаларан иҟаз аспектакль «Шьапыла» мҩаҧган.

«Иахьа аспектакль иҩзиаӡан имҩаҧысит. Абилеҭқәа рацәаны иҭиин, аха атеатр акәша-мыкәша иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны ахәаҧшцәа 60-ҩык раҟара роуп иааиз. Аха ҳара ахыҧхьаӡара ҳахәаҧшӡом», - лҳәеит Аҧсуа театр адиректор хада ихаҭыҧуаҩ Шьарида Ҭыжәба.

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений