Авторизация:

Иҧсаҭазаара далҵит ажурналист Семион Адлеиба

Иҧсаҭазаара далҵит ажурналист Семион Адлеиба
3 мая 2021 15:23 811
Апсадгьыл-инфо, 3 мая 2021 г.  

Иҧсаҭазаара далҵит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Семион Адлеиба.

Семион Адлеиба 50 ш. инарзынаҧшуа Аҧсуа радио аҿы аус иуан. Далахәын аҧсуаа рмилаҭтә қәҧара, 1977 ш. рзы инапы анын ЦК КПСС ахь ирышьҭазы 130-ҩык рнапы зҵаҩыз ашәҟәы.

Семион Адлеиба аорден «Ахьӡ-аҧша» ахҧатәи аҩаӡара ианашьоуп, убас «Агәымшәаразы» амедаль.

Семион Адлеиба иҧсра заҳаз иколлегацәа адышшылара ҟарҵоит Facebook адаҟьақәа рҿы.

Валери Бигәаа, аетнограф: «Семен - сҩызаду, ҳацәгьеи ҳабзиеи еилан, џьабаа еидаабалахьан, унарцәымҩа лашахааит. Угәыбылҩын, уаԥсуареи уламыси ухаҵареи ракәын ԥсҭазаарас иумаз. Аԥсуа радио иасимволу аӡәы иаҳасаб ала ҳажәлар урдыруан, рхы аҟара пату уқәырҵон, издыруеит гәыблылагьы ушырҵәыуо. Умшра ушьҭахьҟа инужьыз уҷкәынцәа рыхшареи дареи ирзынхааит!»

Лариса Шебзухова, абаза поетесса: «Какое горькое известие! Такого честного и мужественного человека не часто встречаешь в жизни. Патриотизм Симона не знал никаких границ и препятствий. Он, не раздумывая, бросался на защиту пострадавших от несправедливости. Его отношение к абхазской истории, культуре, к апсуара не имеют себе равных по искренности и боли за будущее. Вклад Симона Михайловича в сохранение языка просто трудно обозначинить...».

Вахтанг Аҧҳазоу, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәҩы: «Амилаҭтә журналистика, ҷыдала аԥсуа радио акыр шықәса амаҵ азиуит. Илшамҭақәа рыла ишьҭа аанижьит. Игәалашәара хашҭра ақәымзааит».

Алина Ачба, ажурналист: «Иџьабаақәа рацәан аҧсуараҿ. Аус иуан аҧсуа радиоҿы. Иаамҭазы ирепартиор кны днеиуан даҽаӡәы иахьизымгәаӷьуаз. "Аҧсуа шәҟәы" анапаҵаҩра анаҭахыз ауаа дрылан араионқәа рахь. Ақырҭқәа Леселиӡе ибаҟа Бзыҧҭан идыргыларц ианаҿыз аӡәгьы дырзымҵааӡакәан ирепартиор иман арепортаж ҟаиҵарц дахьцаз азы иусура дамхны Ҧсҳәыҟа ддәықәырҵеит ҩышықәса. Ихәыҷқәа маҷқәан, Ҧсҳәы ацара-аара мариамызт. Агәкаҳара иҵасымызт, ахаҵагә изҭан. Анцәа иџьшьаны ахшара бзиа иааӡеит. Иҧсҭазаара зегьы аҧсуара иазкын. Иҧсаҭа лашааит».



 

 

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений