Авторизация:

Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны жәлар рартист Тото Аџьапуа

Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны жәлар рартист Тото Аџьапуа
2 января 2023 17:23 572
Апсадгьыл-инфо, 2 января 2023 г.  

84 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аҧсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра Тото Аџьапуа иҧсҭазаара алҵра инамаданы гәык ала адышшылара аанарҧшуеит:
«Угәы узырӷьша хҭысхеит Аҧсны Жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Аибашьра анысымҩа" апремиа алауреат, Леон иорден, "Ахьӡ-аҧша" аорден III аҩаӡара занашьоу Тото Аџьапуа иҧсҭазаара алҵра.
20 шықәса инареиҳаны Тото Аџьапуа Аҧсны Аҳәынҭқарратә хортә капеллаҟны аус иуан, Аҧсны амузыкатә традициақәа реиқәырхареи апопулиаризациа рзуреи русхк аҟны аџьа адбалауа.
Тото Ҭарашь-иҧа 600 ҧҵамҭақәа инареиҳаны дравторын. Аџьапуа иаҧҵамҭақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп акантатақәа "Аҧсуа ҭыӡ Ду", "Абрыскьыл", "Ефрем Ешба", "Уарбану", ахореографиатә сиуита "Нарҭаа", афлеитеи афортепианои рзы асоната, афортепиано азы авариациақәа ааба, "Аҧсуа литургиатә шәаҳәара", акантатақәа "Ҷлоу", "Отаҧ", "Уарбану", "Аҧсадгьыл иазку ахәыцрақәа", "Аҧсуа лафтә" асимфониатә оркестр азы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра ауацәеи аҭынхацәеи гәык-ҧсык ала ирыдышшылоит. Уи иҟазара згәаҧхоз игәалашәара лаша ргәы иҭыҵәаӡом».





Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений