Авторизация:

«Ерцахә» 45 шықәса ахыҵит

«Ерцахә» 45 шықәса ахыҵит
28 мая 2019 00:45 678
Апсадгьыл-инфо, 28 мая 2019 г.  

Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит Очамчыра араион акәашаратә-ашәаҳәаратә ансамбль «Ерцахә» 45 шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт.

Ансамбль «Ерцахә» еиҿкаан 1974 ш. рзы мышқәак раҧхьа зыҧсҭазаара иалҵыз акомпозитор Кәасҭа Ченгелиа ибзоурала. Иара акыр шықәса ари ансамбль напхгаҩыс даман. Ансамбль аиубилеи иазкыз аконцерт мҩаҧысран иҟан маи 22 рзы, аха аҽны акомпозитор иҧсҭазаара далҵит, аконцерт ахган. Аконцерт алагамҭаз минуҭктәи аҿымҭрала Кәасҭа Ченгелиа дыргәаладыршәеит.

45 шықәса ирылагӡаны ансамбль адунеи аҿы изҭаахьоу аҳәынҭқаррақәа маҷым, убас СССР ареспубликақәа изныкымкәа ирҭаахьан.

 

Аконцерт цон ҩ-сааҭк инареиҳаны. Уи иалагӡаны ахәаҧшцәа идырбан аҧсуаа рыкәашарақәа, убас ҳашьцәа нхыҵаа рыкәашарақәагьы. Афилармониа азал зырҭәыз ауаа напеинҟьарыла ирыдыркылон ансамбль артистцәа рыкәашара, рышәаҳәара.

«Ерцахә» ансамбль иалоуп абиҧара еиҳабыра реиҧш зынӡа иқәыҧшӡоугьы. Ари ансамбль аҿы ауп дахьыкәашо апроект «Ты супер! Танцы» аҿы афиналазбжахь инеиз Леон Қапба.

Аконцерт аҿы иаҧхьан Аҳәынҭқарра ахада иусҧҟа. Амилаҭтә хореографиатә ҟазара арҿиараҿы, аҧсуа культура аӡыргараҿы илагалазы «Ахьӡ-аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьоуп ансамбль «Ерцахә» жә-шықәса инарзынаҧшуа асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу Вианор Логәуа.

Убас Аҧсны зҽаҧсазтәыз артисцәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп ансамбль ашәаҳәаҩцәа Мака Кәыҵниеи Марина Шьинелиеи, акәашаҩ Даур Пиҧиеи.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений