Авторизация:

Д. Гәлиа имузеи алахәхоит жәларбжьаратәи афестиваль «Интермузеи-2019»

Д. Гәлиа имузеи алахәхоит жәларбжьаратәи афестиваль «Интермузеи-2019»
фото: Министерство культуры РА
24 мая 2019 13:09 702
Апсадгьыл-инфо, 24 мая 2019 г.  

Д. Гәлиа ихьӡ зхәу амемориалтә ҩны-амузеи алахәхоит Москва имҩаҧысраны иҟоу Жәларбжьаратәи афестиваль «Интермузеи-2019». Ацәыргақәҵа атема хадас иҟоуп аҧсуеи аурыси шәҟәыҩҩцәа ркультуратә еимадарақәа хырхарҭа рацәала аиларсрақәа. Ацәыргақәҵа мҩаҧысуеит Москва, ацәыргақәҵатә зал «Манеж» аҿы. Иара аартхоит маи 30 рзы имҩаҧыслоит иун 2-нӡа.


Амузеиқәа жәларбжьаратәи рфестиваль ашықәс аҩныҵҟа ихадароу акультуратә хҭысуп. Ари иуникалтәу цәыргақәҵоуп. Иара аинтерес ду аҵоуп еиҿызкаауа рзы еиҧш, иаҭаауа рзгьы. Афестиваль аструктура есышықәсқәа хы-хәҭакны еихыршоит. Уи шьақәгылоуп аекспозициатә, аусутә, акультуратә программақәа рыла.

Иара убасгьы еиҿыркаауеит афестиваль иалахәу амузеиқәа рыбжьара аиндаҭларақәа. Есышықәса афестиваль рҽаладырхәуеит Урыстәылеи уи анҭыҵи рҟынтәи 400 иреиҳаны амузеиқәа. Иара убасгьы х-нызықьҩык инарзынаҧшуа амузеиқәа русзуҩцәа, урҭ афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны рзанааҭтә зыҟаҵара шьҭырхуеит.

Афестиваль «Интермузеи» еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистрра. Раҧхьаӡа акәны иара мҩаҧган 1999 ш.рзы.

 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений