Авторизация:

Бадра Гәынба Аҧсны жәлар рартистка Софа Агәмаа-ҧҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит

Бадра Гәынба Аҧсны жәлар рартистка Софа Агәмаа-ҧҳа лиубилеи  лыдиныҳәалеит
20 декабря 2024 12:29 818
Апсадгьыл-инфо, 20 декабря 2024 г.  Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҧсны жәлар рартистка Софа Агәмаа-ҧҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу Софа Хынтрыгә-иҧҳа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара шәыҧсҭазаара азышәкит Аҧсуа милаҭтә театртә ҟазара.  Акыр шықәса ирылагӡаны С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иаашәырҧшуаз ахаҿқәа ахәаҧшцәа ргәалашәараҿы иаанхоит. Аҟазара амҩа шәананыла инаркны иахьа уажәраанӡа ишәыцуп жәлар рыбзиабара.
Ирацәоуп ишәылшәыршаз аҟыбаҩ змоу аҿар реиҵааӡараҿы, иахьагьы шәылаҧш рхыуп, асцена  агәыбылра рылашәааӡоит.
Ҳаҭыр зқәу Софа Хынтрыгә-иҧҳа, ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара. Шәагымзааит аҧсуа сцена, шәагымзааит Аҧсынра».

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений