Авторизация:

Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит Владимир Агрба иҭынхацәа

Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит Владимир Агрба иҭынхацәа
фото: Sputnik Абхазия
1 апреля 2020 12:25 2971
Апсадгьыл-инфо, 1 апреля 2020 г.  

Иалхыу Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дрыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ Владимир Агрба иҭынхаҵәа.

«Владимир Бабахь-иҧа Агрба зыхдырратә ҧсҭазаара зегьы зыҧсадгьыли зыуаажәлари рымаҵ аура иазызкыз дреиуоуп. Амилаҭҭә ҭҵаарадырразы аҵак ду амоуп аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа реизгареи, амилаҭтә литератураҭҵаареи рзы илагала ду. Данқәыҧшыз аахыс аҧсуа жәлар рмилаҭтә-хьыҧшымра азықәҧара далагылан. Владимир Агрба иуаҩра, иламыс, иаамысҭашәара дыздыруаз зегьы ргәалашәараҿы иаанхоит наунагӡа», - аҳәоит адышшылараҿы.

Владимир Агрба иҧсҭазаара далҵит март 29 рзы 85 ш. дшырҭагылаз.



 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений