Авторизация:

Аслан Бжьаниа амилаҭтә библиотека 100 ш. ахыҵра рыдиныҳәалеит уи аусзуҩцәа

Аслан Бжьаниа амилаҭтә библиотека 100 ш. ахыҵра рыдиныҳәалеит уи аусзуҩцәа
фото: Sputnik Абхазия
29 марта 2021 15:00 535
Апсадгьыл-инфо, 29 марта 2021 г.  

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны амилаҭтә библиотека 100 ш. ахыҵра рыдиныҳәалеит уи аусзуҩцәа, аанацҳауеит Ахада исаит.

«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа! Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи амилаҭтә библиотека 100 шықәса ахыҵра. Ари хҭыс дууп ҳажәлар зегь рзы. Амилаҭтә библиотека ҳажәлар гәадурас ирымоу акультуратә хәышҭаарақәа ируакуп. Иара иамоуп аҭоурых ду. Иаартын Аҧсны асовет мчра анышьақәгыла март мза 1921 шықәса рзы. Уи иаҳнарбоит Аҧсуа ҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз анапхгаҩцәа ажәлар аҵарадырра рыларҵәара аус зегь раҧхьа ишдыргылоз. Амилаҭтә библиотека иааӡеит ҳҳәар ҳалшоит хмилаҭә литература ӡырызгоз ҳашәҟәыҩҩцәа хьӡырҳәагақәа, ҳҵарауаа дуқәа. Иахьа аелектронтә мыругақәа аҧыжәара анрымоу аамҭазы, ашәҟәыҧхьарҭақәагьы аусура азнеишьа рыҧсахуеит. Агәра ганы сыҟоуп шәара ишшәылшо ҳаамҭа иақәшәо аҿыцрақәа ралагалараҿы ақәҿиарақәа раарҧшра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы шәгәы камыжькәан, ауадаҩрақәа шәыриааины, иахьшәылшаз ҳмилаҭтә культура ахәышҭаара ду аиқәырхара. Иахьатәи аныҳәа аҽны ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәныпы злаку иҧшьоу аусаҿы аихьӡарақәа», - аҳәоит адныҳәалараҿы.

 



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений