Авторизация:

ААУ имҩаԥысит аедыгь поетесса Саниаҭ Ӡыба лырҿиаратә хәылҧазы

ААУ имҩаԥысит аедыгь поетесса Саниаҭ Ӡыба лырҿиаратә хәылҧазы
афото: ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша
25 марта 2023 12:48 328
Апсадгьыл-инфо, 25 марта 2023 г.  

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны март 23 рзы ихацыркыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадыра-практикатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филолологиа ацентр аҟны имҩаԥысит алитература-рҿиаратә еилазаара «Ацәыкәбар» алахәылацәеи абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа аедыгь поетесса Саниаҭ Ӡыбеи (Ӡыбовеи) реиԥылара.

Алитература-рҿиаратә хәылԥазы ихы алаирхәыит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.

ААУ астудентцәа рыҧхьеит хаҭала аԥсшәахь еиҭаргаз апоетесса Саниаҭ Ӡыба лажәеинраалақәа.

Апоетесса иҭабуп ҳәа ралҳәеит аҵараиурҭа анапхгара, ҷыдала аиԥылара аиҿкааҩ, Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы Ахра Анқәаб.

Аиԥылара рхы аладырхәит иара убасгьы Адыгьеиатәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәа - жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа алахәылацәа, аанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.



Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений