Авторизация:

Аҧсны ахада Мушьни Лашәриа Кирилли Мефодии рыхьӡ зху апремиа ианашьара идиныҳәалеит

Аҧсны ахада Мушьни Лашәриа Кирилли Мефодии рыхьӡ зху апремиа ианашьара идиныҳәалеит
фото: Sputnik Абхазия
9 июня 2021 12:07 1238
Апсадгьыл-инфо, 9 июня 2021 г.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа Кирилли Мефодии рыхьӡ зху Урыстәылазегьтәи Апатриархиа алитературатә премиа ианашьара идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ацқьацәа Кирилли Мефодии рыхьӡ зху Урыстәылазегьтәи Апатриархиа алитературатә премиа ахьшәанаршьаз. Ари гәахәара дууп Аҧсны жәлар зегьы ҳзы.
Шәара шәырҿиамҭа шьахәқәа рыла ҳмилаҭтә литература ахьшәырбеиаз анаҩсангьы, аҧсышәала ишәырҵәажәеит аурыс литература аклассикатә рҿиамҭақәа. Урҭ расахьаркыратә ҩаӡара аҳаракыра Аҧсны анҭыҵ изныкымкәа иазгәарҭахьеит, дара рзы еиуеипшым апремиақәа шәанаршьахьеит.
Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәырҿиараҿы аихьӡара ҿыҵқәа», - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Кирилли Мефодии рыхьӡ зху Урыстәылазегьтәи Апатриархиа алитературатә премиа сынтәа иранашьан Мушьни Лашәриа, Владимир Малиагин, Андреи Убогии.

Апремиа ранаршьоит 2011 ш. раахыс.




 

Для того, чтобы оставить свой комментарий, Вам необходимо авторизоваться!
Авторизация:
 
Текст сообщения*
Перетащите файлы
Ничего не найдено
Защита от автоматических сообщений