Ииуль 20 рзы аҧсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Борис Гәыргәлиа диижьҭеи 90 шықәса ҵит.
Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диит 1935 ш. ииуль 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит 01.03.2012). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1968), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. СССР-и (1967), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.
Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).
Аҵара иҵон Кәтоли Тамшьи ршколқәа рҟны. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәшеи (1958), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аспирантуреи (1967) дрылгеит.
1968 ш. иихьчаз акандидаттә диссератациа иахьӡуп «Аҧсуа литератураҿы апоема ажанр: (Ахыҵхырҭақәа, аира, ашьақәгылара)».
1958-1964 шш. раан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы литературатә усзуҩын.
1968 ш. маи инаркны аус иуан А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (ашьҭахь – Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет) аҟны арҵаҩы еиҳабыс, нас аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра адоцентс (1973 ш. нахыс), абри акафедра аиҳабыс, афилологиатә-педагогигатә факультет адеканс (1972-1974).
1997 ш. март инаркны 2002ш. октиабр азынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Б. Гәыргәлиа дреиуоуп Аҟәатәи иаарту аинститут аиҿкааҩцәа, араҟа «Аҧсуара – аҧсуаа ртрадициатә культура» иазкны алекциақәа дрыҧхьон, агуманитартә маҭәарқәа ркафедра напхгара аиҭон.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз. 1952 ш. инаркны иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Республика Абхазия» уҳәа.
Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, хыҧхьаӡарарацәала алитератураҭҵааратәи алитература-критикатәи статиақәеи еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп.
Иҭҵаарадырратә усумҭақәа рызкуп аҧсуа литература аҭоурыхи, ҳаамҭазтәи апоезиеи, насгьы Д. Гәлиа, М. Аҳашба, А. Лашәриа, Б. Шьынқәба, В. Анқәаб, Г. Гәлиа, Т. Аџьба, М. Лашәриа, К. Герхелиа, Ш. Басариа уҳәа рырҿиара.
2008ш. аҧсышәала иҭижьит «ХIХ ашә. аурыс литература аҭоурых» алекциақәа ркурс.
Имаҷымкәа икьыҧхьит Аҧсни Ҭырқәтәылеи ианиҵахьаз афольклортә материалқәа. Ахәҭакахьала 2000 ш. иҭыҵит ишәҟәы «Ҭырқәтәылеи Аҧсни инхо аҧсуа жәлар рырҿиамҭа».
Б. Гәыргәлиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, ақырҭшәахьтә аҧсшәахь еиҭеигеит еиҳарак қырҭшәала иҩуаз аҧсуа поет, адраматург, апублицист Гь. Чачба (Шервашиӡе) ирҿиамҭақәа жәпакы, хазы шәҟәны егьҭижьит 1964-1983 шш. раан. Аҧсшәахь еиҭеигеит иара убас Саиаҭ-Нова, И. Нонешвили, М. Поцхишвили, К. Жане уҳәа рҩымҭақәа.
Апоет игәалашәара аҳаҭыр азы уи диижьҭеи 80 ш. аҵра инамаданы Аҟәа 1965-2012 шш. раан дахьынхоз Лакоба имҩаҿы игылоу аҩны аҟны 2015 ш. ииуль 20 рзы иаартын имемориалтә ӷәы.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҭыҵит ҩеижәа инареиҳаны ишәҟәқәа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла шәаанаԥхьоит аиубилеитә хәылԥазы «Аныҟәашәа» ашҟа. Имҩаԥгахоит 2025 ш. ииуль 22 рзы С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Иалагоит 18.00 сааҭ рзы.
Анҵамҭа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла
